Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Марииа Захарова.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу иҿыцу афункциарацәа назыгӡо Амедиацентр ахыдҵақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи рдепартаменти Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апрофилтә департаменти русеицура активизациа апараметрқәа ирылацәажәеит.
Аганқәа урыстәылатәи аган ацхыраарала Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара иазырханы раԥхьа инагӡатәу аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан асоциалтә каҭақәеи аинформациатә ресурсқәеи рхархәарала Аԥсны жәларбжьаратәи аимиџь аоптимизациа азҵаарақәа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз, Инал Арӡынба ҳамҭак аҳасабала Марииа Захарова «Аинтервиуқәеи ақәгыларақәеи реизга. 1992-2005 шш. В.Г. Арӡынба». Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.