Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 673 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 389 -ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 95 – ҩык апациентцәа, 28-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 67 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 44-ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 21-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –28, - ҩык, 5 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 8- ҩык апациентцәа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 31 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 88, 80 –шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи 55 , 48 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 49524 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 40762 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 624 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.