Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2021 шықәса иалагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәеи 5 - нызықьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз раанкылара рылдыршеит, - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаатә режим аилагара», иара убас Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190.2. «Аԥсны Аҳәынҭқарра амшынҵакыреи аҩныҵҟатәи амшынӡқәеи рҿы аҳәаатә режим аилагара», иара убас ахәҭаҷ 190.4. «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аҭакԥхықәра анагӡара инамаданы аруаҩ идҵа, мамзаргьы изакәантә ҳәатәы ацымныҟәара», азы иаанкылоу атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 324 ахәҭа 1 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» инақәыршәаны иҟҵаз ацәгьоурақәа рзы аусеилыргарақәа 10 хацыркуп.
Еиуеиԥшым азкызаара змоу атауарқәеи аидарақәеи изакәанымкәа аҳәаа рахыгара азы 160 инарзынаԥшуа аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алыршоуп. Ирымхуп 33 800 инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ зҭоу аблокқәа, уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 11,4 млн. мааҭ иреиҳауп, ажәлар рхархәаразы атауарқәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ - 3,6 млн. мааҭ иреиҳауп, еиуеиԥшым ахҭаларшә змоу аџьаԥҳани абџьари рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ –80 нызықь мааҭ, иара убас 28 цыра инарзынаԥшуа амаининг азы аиқәыршәагақәа. Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ – 800 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Изакәаным аусура амҩаԥгара знапы алаку ауаа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә нырра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.