Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 581 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 327 -ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 100 – ҩык апациентцәа, 45-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 55-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 44-ҩык апациентцәа, 16-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 23-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –27, - ҩык, 5 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 9- ҩык апациентцәа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 31 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит 56 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 91, 82 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 49135 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 40422 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 620 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.