Азакәан апроект ахқәа 10 рыла ишьақәгылоуп: 1. Азеиԥш ԥҟарақәа. 2. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аҵарадырра Анапхгараҭара. 3. Аҵарадырратә усбарҭақәа рзинтә статус. 4. Аҵарадырра асистема арҵаҩцәа. 5. Аҵара зҵои урҭ рзакәантә хаҭарнакцәеи рзинтә статуси. 6. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра аусхкы аҿы аҿартә политикеи ааӡара асистемеи. 7. Ааӡареи аҵарадырреи рсистема. 8. Аҵарадырра аганахьала ахылаԥшреи агәаҭарақәеи рымҩаԥгара. 9. Хазы игоу ауаа аҵарадырразы азин рыҭара. 10. Ахыркәшаратәии аиагаратәии аԥҟарақәа.
Ари аусшәҟәы адкылара ахымԥадатәра алацәажәара мҩаԥысуеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Апарламент еиуеиԥшым ааԥхьарақәа раан адепутатрахь акандидатцәа рыпрограммақәа рҿы аҵарадырра азы азакәан ихадоу апунктқәа раҳасабала изныкымкәа иарбахон. Иҟалап, аус ԥхьаҟа ицаргьы. Ишаабо еиԥш, зыдгалара мҩаԥгоу аусшәҟәы алацәажәара, иахәҭоу аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара, иааиуа абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа ирусны иҟалоит.