Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлективи атәыла аспорттә еилазаареи гәык-ԥсыкала ишәыдырныҳәалоит 80- шықәса шәхыҵра. Шәара алегендартә спортсмен, амчхара змоу, ахықәкы-нагӡаратә ҟазшьа змоу ауаҩы иаҳасабала шәеицырдыруеит. Шәдоуҳамч, шәҟазара, шәыуаҩра, шәыгәаӷьра иреиҳаӡоу аҩаӡарақәа рҿы имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аиааирақәа ргара иацхраауан. Шәара аԥсуа шьапылампыл апатриархцәа шәреиуоуп, зеиӷьаҟам ампыл зҟаза ҳәа шәзырҳәоит. Шәара шәыхьӡ еицырдыруа асоветтә шьапылампыласыҩцәа рыбжьара иахәҭоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳара шәеихьӡарақәа ҳрызгәдууп, еиҵагыло аҿар ишәҿыԥшны ԥхьаҟатәи рԥеиԥш рчаԥоит.
Ари иԥшӡоу аспорт ахкы аҿиареи апопулиаризациеи рҿы хәызмаӡам шәлагала азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит».
Џьемал Гәыбаз Гьаргь Владимир-иԥа Сиҷинаа агәабзиареи ашықәснҵыра дууи изеиӷьаишьеит.