Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: 381 - ҨЫК АЛАБОРАТОРИАТӘ ГӘАҬАРА ИАХЫСИТ, УРҬ РАХЬЫНТӘ 146 – ҨЫК РҾЫ COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Асабша, 19 Жәабран 2022 23:57 202

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 381 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз  146 -ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп  80    – ҩык апациентцәа, 23-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 53  -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 42-ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 21-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –36- ҩык, 9 - ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 11- ҩык апациентцәа, в Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы  21 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 78 –шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 83-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы  50 558   - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 42 219   - ҩык ргәы бзиахахьеит, 637 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

Last modified on Амҽыша, 20 Жәабран 2022 21:35