Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ДОНБАССТӘИ АКОНФЛИКТ ҬЫНЧМҨАЛА АҬЫШӘЫНТӘАЛАРА АЛЫРШАХАП ҲӘА АГӘЫӶРА ААНАРԤШУЕИТ.

Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 15:58 244

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Донбасс аҭагылазашьа аибарххара инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

 «Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Украина алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы  ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ӷәӷәала ахшыҩзышьҭра анаҭоит.

Украинатәи аганахьала иҟаҵоу апровакациа иахҟьаны Донбасс аҭагылазаашьа аибарххара  лабҿаба иунарбоит «нормандтәи аформат»  ала ирыбжьарҵаз Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара мап ацәызкуа киевтәи амчрақәа ирымоу агрессиатә гәҭакқәа.

Агәыӷра ҳамоуп, аҭынчуааԥсыра акыр изыргәамҵуа Донбасс иҟалаз акризис аполитика-дипломатиатә мҩала аҭышәынтәалара ашыршахап ҳәа.

Аԥсны Ареспублика Донбасс ауааԥсыра  рҭагылазаашьа еилкааны апрофилтә хылаԥшрақәа рганахьала агуманитартә цхыраара рыҭара иазхиоуп.

Last modified on Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 19:20