Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ҞАБАРДА-БАЛКАРИАТӘИ АРЕСПУБЛИКА ԤАСАТӘИ АХАДА АРСЕН БАШИР-ИԤА КАНОКОВ ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 22 Жәабран 2022 10:55 263

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ԥасатәи Ахада, Урыстәылатәи Афедерациа асенатор Арсен Каноков ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Арсен Башир-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәлоит Шәиубилеи.

Шәара аԥышәа змоу аҳәынҭқарратә усзуҩы, хьаҵрак ҟамҵакәа зхықәкы иазнеиуа аполитик, аџьатә усура аамҭақәа зегьы раан шәхы аашәырԥшуеит зыҩаӡара ҳараку апрофессиаонал иаҳасабала.

Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахадас шәаныҟаз, Шәара атәыла аизҳазыӷьареи аҿиареи рус аҟны шәлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Иахьагьы шәыжәлар рыхьӡала ааԥсарада аусура шәаҿуп.

Ҳаҭыр зқәу Арсен Башир-иԥа, Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарразы ҩыза дууп. 

Абри аныҳәамш аҽны гәыкала ишәзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа қәҿиарала рынагӡара, лыҵшәа змоу аусура, анасыԥ».

 

 

Last modified on Аҩаша, 22 Жәабран 2022 15:36