Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 464-ҩык. COVID-19 азы адиагноз 247-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 72 – ҩык апациентцәа, 20-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 52 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 39-ҩык апациентцәа, 17-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 21-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 34- ҩык, 8 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 9 - ҩык апациентцәа. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 21 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа - 56, 59, 88 шықәса зхыҵуаз ахацәа. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 51 101 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 43 427 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 642 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.