Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА ДОНБАСС АЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА АИЗГАРА РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.

Ашәахьа, 07 Хәажәкыр 2022 12:08 211

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылауаа Донбасс ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара активла рхы аладырхәуеит. Ауаа ДЖәР, ЛЖәР рахь адәықәҵаразы арахь иааргоит аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, ашәырӡқәа, афатә аалыҵқәа, ацитрустә шәырқәа, абзазаратә химиа, амаҭәа ԥхақәа, ахәыҷқәа рзы ашәҵатәқәеи ашьаҵақәеи уахь иналаҵаны.   

Ҳтәылауаа аӡәырҩы донецкааи луганцкааи рзы аԥаратә хархәагақәа рышьҭуеит.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Донбасс ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара иазку акциа ахацыркра азы алаҳәара ҟанаҵеит.  Еизгахо агуманитартә еидара Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа рыла Донецки Лугански рахь ииагахоит.

Агуманитартә цхыраара аиқәыршәара аус зхы алазырхәырц зҭаху ареспублика атәылауаа зегьы уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иадҵааларц рылшоит.

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 15:19