Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

2021 ШЫҚӘСАЗЫ 250 ИНАРЗЫНАԤШУА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЗАКӘАНЕИЛАГАРАҚӘА ААРԤШХЕИТ.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 15:13 249

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  2021 шықәсазы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазку апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.

Ажәахә хада ҟаиҵеит апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа. 2021  шықәсазы 250 инарзынаԥшуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанеилагарақәа аарԥшхеит (2020 шықәсазы - 175).

Иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеира азы иалагалоуп 108 инарзынаԥшуа аусдгаларақәа (2020 шықәсазы - 91), урҭ рыхәаԥшра ашьҭахь алеишәатә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп 9 – ҩык (2020 шықәсазы -  7-ҩык),  иаагоуп  26 протест  (2020 шықәсазы -  30), административтә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп 26-ҩык   (2020 шықәсазы -   15-ҩык),  77 – ҩык Аԥсны азакәанԥҵара аилагара алмыршара аганахьала агәҽанызаара рыҭоуп (2020 шықәсазы – 39-ҩык). Аӡбарҭахь ашшабӷьыцк нашьҭуп (2020 шықәсазы  - 0).

Апроцессуалтә ӡбамҭа адкыларазы азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра азы Аԥсны апрокуратура Хада аусбарҭа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада Аусеилыргаратә Усбарҭа ахь  апрокурортә гәаҭарақәа рзы  5 материалк нашьҭуп (2020 шықәсазы - 14), урҭ рыла апрокуратура Хада Аусеилыргаратә Усбарҭа аусеилыргарак хацнаркит, Аҟәа ақалақь апрокуратура ала аусеилыргарак хацыркуп (2020 шықәсазы - 1);  араионқәа рыпрокуратурақәа рыла, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә прокуратура  ала аусеилыргарақәа 5 хацыркуп (2020 шықәсазы - 0).

Апрокурортә зхьаԥшра ауснагӡатәқәа рыла абиуџьети еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи ирызхарҭәаахеит 21 772 165 мааҭ инареиҳаны. (2020  шықәсазы -  14 472 170 мааҭ.).

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 18:05