Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНИ ДЖәР АДИПЛОМАТИАТӘ ЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 18:06 222

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Уажәы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара анаҩс аиқәшаҳаҭра-зинтә база ашьақәыргылара азы шьаҭас иҟало аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара мҩаԥысуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи Украина адемилитаризациеи аденацификациеи ирзырханы Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡо акурс иадгылоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аԥхьа инаргыланы, егьырҭ жәларбжьаратәи анормақәеи азеиԥшзхаҵара змоу апринципқәеи асуверенитети атерриториалтә акзаареи ахьыԥшымреи ҳаҭыр рықәҵарала ишьаҭарку аҩжәларык рыбжьара зинла еиҟароу аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи иадгылоит.

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 18:52