Иаашәырԥшуа абзиабара, агәцаракра, ачҳара азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыӷьара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара».
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа иколлегацәа рыхьӡала ареспублика аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа-Хәажәкырамза 8 рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәса! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа-Хәажәкырамҳа 8!
Ари ааԥынтәи аныҳәа лаша шәара шәахь иҳамоу абзиабара, аҳаҭырқәҵара иасимволны иҟоуп. Шәара жәытә-натә аахыс аморалтә хәдуқәеи ахәышҭаареи реиқәырхара хыдҵаны ишәыман. Дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаараҿы иҟоу иреиӷьу ахҭысқәа зегьы шәара шәоуп изыдҳәалоу.
Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара аҿы аԥҳәыс иналыгӡо ароль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара атәыла ауаажәларратә ԥсҭазаара активла шәхы алашәырхәуеит, апрофессионалтә усура аҿы аихьӡарақәа аашәырԥшуеит, ауаажәларра рдоуҳатәи рморалтәи хәдуқәа рышьақәгылара шәацхрауеит.
Иуадаҩыз аибашьра аамҭақәа рзы забацәа, зашьцәа, зхацәа ирывагыланы еибашьуаз аҳәса иаадырԥшуаз ахачҳареи ахамеигӡареи агәаӷьреи атәы зегьы иаадыруеит. Иахьагьы, апандемиа аҿагылараангьы Шәара аԥхьа шәгылоуп.
Иаашәырԥшуа абзиабара, агәцаракра, ачҳара азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыӷьара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара».