Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа рымҩаԥысшьа агәаҭаразы арахь иааны иҟоуп Урыстәыла, ЛЖәР, ДЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднетровие, уҳәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа.
«Сара уажәаԥхьагьы Аԥсныҟа саахьан. Ари уажәы хынтәуп жәларбжьаратәи анаԥшҩы иаҳасабала алхрақәа схы аласырхәуеижьҭеи. Усҟан еиԥш уажәгьы иазгәсҭарц сҭахуп ареспублика аҿы имҩаԥысуа алхрақәа иҭышәынтәаланы, адемократиатә ҟазшьа рыманы ишымҩаԥысуа атәы», - ҳәа иҳәеит ЛЖәР Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Елена Кравченко. «Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада аҟынтәи анаԥшыҩцәа ҳрыцны еиуеиԥшым аокругқәа рҿы иҟоу алхратә ҭыԥқәа хәба ҳарҭааит. Иазгәасҭарц сҭахуп амш шыцәгьоугьы алхыҩцәа раара шыбзиоу. Имаҷҩымкәа атәанчаҩцәа ртәылауаҩратә уалԥшьа анагӡаразы иахь абжьыҭира иааит. Аилагарақәа ҳәа акгьы азгәаҳамҭаӡацт. Зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны имҩаԥысуеит», - ҳәа илҳәеит лара. «Ҳара шьыжьы инаркны алхратә округқәа ҳарҭаааны алхыҩцәа, иара убас анаԥшыҩцәа ҳрыҿцәажәеит.
Ҳара иазгәаҳҭоит иҟоу анаԥшыҩцәа рхыԥхьаӡара шырацәоу. Ҳрыҿцәажәеит, урҭгьы аилагарақәа шыҟам азгәарҭоит. Зегьы аҭыԥантәи азакәанԥҵара инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Асанитартә нормақәа зегьы нагӡахоит. Алхратә ҭыԥқәа рыҩналарҭаҿы ауаа асабрадақәа рырҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада алахәыла Алеқсандр Курдиумов.