Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: АЛАБОРАТОРТӘ ГӘАҬАРА ИАХЫСЫЗ 70 – ҨЫК РҞЫНТӘИ 47 –ҨЫК РҾЫ COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАХЕИТ.

Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 10:22 204

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 70 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 47 -ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп  17 – ҩык апациентцәа, 3-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 14 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 26-ҩык апациентцәа, 12-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 4-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 10 - ҩык, 2 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 4   - ҩык апациентцәа.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны лыԥсҭазаара иалҵит 74, 86 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ахацәа.

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы  52 811 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 47 845 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 666 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

 

Last modified on Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 23:34