Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АСЛАН БЖЬАНИА ДОНЕЦК АҚАЛАҚЬ АҾЫ АҬЫНЧ УААԤСЫРА РҬАХАРА ИНАМАДАНЫ ДЖәР АХАДА ДЕНИС ПУШИЛИН ДИДЫШШЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 16:02 207

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Донецк ақалақь аҿы аҭынч уааԥсыра рҭахара инамаданы ДЖәР Ахада Денис Пушилин дидышшылеит.

«Хаҭала сареи Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡалеи Украина Арбџьармчқәа рыла имҩаԥгаз аракетатә жәылара иахҟьаны Донецк ақалақь аҿы аҭынч уааԥсыра рҭахара инамаданы гәасра дула сшәыдышшылоит. Ари ихлымӡааху агрессиатә акт хьаа ӷәӷәаны згәаҵанӡа имнеиз аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам.

Аԥсны жәлар иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит, ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ргәы бзиаханы ршьапы иқәгыларц азы азеиӷьашьара ҟарҵоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада идәықәиҵаз адышшыларатә шәҟәы аҿы. Последнее изменение Понедельник, 14 марта 2022 16:11.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7091-aslan-bzhaniya-vyrazil-soboleznovaniya-glave-dnr-denisu-pushilinu-v-svyazi-s-gibelyu-mirnykh-zhitelej-v-donetske.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 16:55