Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ИАХЬА ИИУБИЛЕИ АЗГӘЕИҬОИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫШӘҞӘЫҨҨЫ АЛЫҚЬСА ГОГӘУА

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 11:09 229

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ииубилеи – 90 шықәса ихыҵра идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа!

 Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 90 шықәса шәхыҵра!

Шәбаҩхатәру ду иабзоураны, шәара Аԥсны аҳәаақәа рынҭыҵгьы еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апублицист ҳәа шәыԥхьаӡоуп. Шәҩымҭақәа зегьы ирнубаалоит Аԥсадгьыл ахь ишәымоу ҳәаа змаӡам абзиабара, аԥсуа жәлар рразҟы азхьаара. Иарбанзаалак шәкалам иҵҵыз аԥҵамҭқәа ирыцуп аенергетика шьахә, иԥсҭаҵагоу амч, урҭ ирныԥшуеит аԥсуа жәлар рҟазшьа, изнысыз рыԥсҭазаара мҩа.

Шәҩымҭақәа еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рахь – англыз, аиспан, афранцыз, анемец, аполиак, аиапон бызшәақәа рахь.

 Ахәшьара уадаҩуп шәлагала аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҟны, шәыԥсҭазаара зегьы иагәылганы иаажәгаз апатриотизм, ҳажәлар рзинқәа рзы ақәԥараҟны иаашәырԥшуаз агәымшәара, шәуаажәларратә позициа ииашаҵәҟьаны дарбан ԥсыуазаалак изы иҿырԥшыгоуп.

 Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара! Аԥсынра шәагымзааит!»

Last modified on Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 16:38