Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: АЛАБОРАТОРТӘ ГӘАҬАРА ИАХЫСЫЗ 157 – ҨЫК РҞЫНТӘИ 58 –ҨЫК РҾЫ COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАХЕИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 21:27 174

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 157-ҩык. COVID-19 азы адиагноз 58 - ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп  18 – ҩык апациентцәа, 4-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 14 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 22-ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –8-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 11 - ҩык, аӡәы игәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп –  4  - ҩык апациентцәа.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы иԥсҭазаара далҵит 88 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. .

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы  52 952 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Урҭ рахьытә 668 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

48 009 - ҩык ргәы бзиахахьеит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

 

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 19:19