Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

Алхратә округ ала ҩыџьа иреиҳаны акандидатцәа ықәгылазар, убри аан урҭ рахьынтә аӡәгьы далрымхызар, усҟан ҩымчыбжь рашьҭахь зегьы реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа адепутатрахь акандидатцәа рыла аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 22:28 160

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аконтитуциатә Закәан ахәҭаҷ 36 инақәыршәаны,  Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада алхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгаразы арыцхә шьақәнарӷәӷәеит.   Уи мҩаԥгахоит алхратә округқәа 17 рҿы: 

Алхратә Округ №1 (Аҳабла Ҿыц)

Гыцба Инар Альберт-иԥа; 

Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа;

Алхратә Округ №2 (Аҳабла Ҿыц)

Ҳалбад Дмитри Гарри-иԥа;

Герхьелиа Асҭамыр Баҭал-иԥа, апартиа  «Амцахара» 

Алхратә Округ № 3 (Аихамҩа Аҳабла)

Салаҟаиа Нарсоу Беслан-иԥа;

 Думаа Хына Владимир-иԥа;

Алхратә Округ №4 (Аҩадатәи)

Аиба Баҭал Едуард-иԥа;

Рштуни Ерик Сагаҭел-иԥа; 

Алхратә Округ №6 (Ихадоу)

Лолуа Рауль Валери-иԥа;

Маршьаниа Дмитри Алықьса-иԥа;

Алхратә Округ №7 (Абиблиотека)

Какалиа Амиран Гьаргь-иԥа;

Аиба Рашида Азареҭ-иԥа;

Алхратә Округ №8 (Алашарбага Аҳабла)

Гәыбаз Леон Реваз-иԥа;

Нарманиа Наур Геннади-иԥа;

Алхратә Округ №13 (Гагра ақалақьтәи)

Бениа Реваз Шьалуа-иԥа; 

Барцыц Алхас Уаликәа-иԥа;

Алхратә Округ №15 (Оҭҳаратәи)

Барцыц Алмасхан Едуард-иԥа;

Ԥлиа Бадрик Игор-иԥа;

Алхратә Округ №20 (Аацытәи)

Мархолиа Русҭам Гарри-иԥа; 

Гәылариа Алиса Заур-иԥҳа, апартиа «Амцахара» ;

Алхратә Округ №21 (Афон Ҿыц)

Смыр Натали Виктор-иԥҳа;

Ԥачлиа Ахра Гьаргь-иԥа;

Алхратә Округ №22 (Ешыратәи)

Аҩӡба Фазылбеи Лизбер-иԥа;

Арӡынба Алмасхан Зураб-иԥа;

Алхратә Округ №28 (Гәыԥтәи)

Гогиа Демур Руслан-иԥа;

Какәыбаа Ҭенгиз Рудик-иԥа, апартиа  «Амцахара»;

Алхратә Округ №29 (Ҷлоутәи)

Акаба Алмас Даур-иԥа, апартиа  «Амцахара»;

Ҭарба Асҭамыр Адик-иԥа;

Алхратә Округ №32 (Очамчыратәи)

Џьопуа Баҭал Зураб-иԥа;

Какалиа Ешсоу Иван-иԥа;

Алхратә Округ №33 (Ҭҟәарчалтәи актәи)

Емырхәба Беслан Инвер-иԥа, апартиа  «Амцахара»;

Горзолиа Дамир Иван-иԥа;

Алхратә Округ №34 (Ҭҟәарчалтәи аҩбатәи)

Ҭҟебучаа Ҭемыр Елварди-иԥа;

Качараа Герман Виачеслав-иԥа.  

Алхратә округ ала ҩыџьа иреиҳаны акандидатцәа ықәгылазар, убри аан урҭ рахьынтә аӡәгьы далрымхызар, усҟан ҩымчыбжь рашьҭахь зегьы реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа адепутатрахь акандидатцәа рыла аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7136-26-marta-sostoitsya-povtornoe-golosovanie-po-vyboram-deputatov-parlamenta.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 21:58