«Аԥсадгьыл афырхацәа ҳаҭырла ргәалашәара хымԥадатәиуп. Уи аҿар ируалԥшьаны иҟоуп. Ҳара ара иахьа ҳгыларатәы ҳҟазҵаз ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥлшымреи зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа роуп», - ҳәа иҳәеит Ешыратәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Мурад Ачугба.
**** Хәажәкырамза 15, 1993 шықәса рзы аԥсуа архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алаларагьы рылшеит.
Аибашьра зхызгаз аԥсуа еибашьцәа ишазгәарҭо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз марттәи ажәылара зегьы раасҭа иуадаҩыз операциан. Амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, аҳауантәии еиԥш амшынынтәии ацхыраара рыманы аӷа раԥхьатәи ихыхьчаратә цәҳәа иахысны, анаҩс Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц азы ахыдҵа рыман. Хаха-хымш аԥсуа еибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшны ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, ирылшоз ала ихәыз рҩызцәа Ачадара ақыҭантәи ралгара рҽазыршәон. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хәажәкыра 15-16 ауха иалагаз ажәыларатә операциа ахықəкы азынамыгӡеит, ҳаибашьцəа иаарыкәшаны итәеит ҳаӷацәа. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, хәажәкырамза 17,18 рзы ҳархәҭақәа ихьаҵыр акəхеит.
Ари ажəылараҿы иҭахеит 222-ҩык ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит, иара убас 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7166-vechnaya-pamyat-geroyam-v-sele-eshera-pochtili-pamyat-pavshikh-v-martovskom-nastuplenii.
© АПСНЫПРЕСС.