Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, аҧкрақәа цәыббрамза 30 ашьҭахь иалагалатәуп: “Асанитартә бжьгарақәа зегьы нагӡазароуп. Аӡәгьы агәаҽанызаара ицәымӡыроуп”,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб акоронавирусттә ҿкы чымазара аҿагылара раҧхьатәи ацәаҳәа аҿы игылоу аҳақьымцәа ааҧсарак ҟамҵаӡакәа ирбо аџьабаа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
“Аштаб алахәылацәа зегьы еицҿакны алахьеиқәцҵаратә, агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара азы аҧкрақәа ралагалара иақәшаҳаҭуп. Зегьы рхақәкны асанитартә нормақәа рынагӡара рҽазыршәозароуп. Ҳара уажәы акурорттә аамҭахәҭа ҳҭагылоуп, уи мҩаҧысуеит, аха хымҧада еилаҳкаауазароуп, зегьы ирыцку – ари ауааҧсыра ргәабзиара аиқәырхара ауп, убри инамаданы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы нагӡазароуп”, - ҳәа иҳәеит атәыла аҧыза-министр.
Уи иара убас, “Акоординациатә штаб аусура минуҭк иадамхаргьы аанкылара ҟалаӡом” ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.