Аҧсуаа рбызшәа рыцәдырӡырц ашколқәа азыркуаз, агазеҭқәа рҭыжьра аанызкылоз ақырҭуа шовинистцәа имҩаҧыргоз аполитика изацәымцеит аҧсуа радиогьы. Уи аусура аанкылан акыр шықәса инеиҧынкыланы. Аефир ақырҭшәахь ииаган.
1953 шықәса рзы еиҭашьақәыргылан Аҧсуа радио аусура. Убри инаркны есааира аҽарҭбаауан аефир, иҳаракхон апрофессионалтә ҩаӡара. Амилаҭтә радио жәабжьҳәаҩын аҧсуаа рзы, иӡырнагон жәлар ркультура, рлитература. Иахьа архив аҿы еиқәханы иҟоуп аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа аҧхьа днаргыланы ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа, ҳактиорцәа рыҿцәажәара.
Лымкаала иазааҭгылатәуп Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсуа радио аусура. Атехника аусзуҩцәа иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы ирылдыршеит Гәдоуҭа арадио аус ауртә еиҧш аиҿкаара. Уи цҳас ирзыҟалеит аӷа амацәаз иҭакны имаз Тҟәарчали Абжьуаа рқыҭақәеи.
Аныҳәа азгәаҭо, иаҳгәалаҳмыршәар иашам иахьа иҳавагылам, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы арадио амаҵ азызуаз, уи зыҧсҭазаара азызкыз аҟазацәа.
Иахьа Аҧсуа радио ҳаамҭа иақәшәартә еиҿкаау информациа-массатә хархәагоуп, уи есааира иазҳауеит апрофессионалтә ҩаӡара, аҽарҭбаауеит аефир аамҭа. Апрограммақәа еиҿыркаауеит ззанааҭ иазҟазоу ажурналистцәа, аредакторцәа, абжьеиқәыршәаҩцәа.
Ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа имариам шәус аҿы!»