Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА: АРРАТӘ ҲӘААХЬЧАҨЦӘА ИУАДАҨУ АГЕОПОЛИТИКАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬАҞНЫ ХЬЫӠЛА-ԤШАЛА ҲРЕСПУБЛИКА АҲӘААҚӘА РЫҞНЫ АРРАМАҴУРА ИАХЫСУЕИТ.

Асабша, 30 Мшаҧы 2022 13:44 696

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аҳәаахьчаратә усбарҭа Аиҳабы Аинрал-маиор  Андреи Иури-иԥа Кудимов Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аԥҵара амш идиныҳәалеит.

 

«Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаарагьы Шәаргьы ишәыдысныҳәалоит  Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аԥҵара амш.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ашәарҭадара алзыршо, зыгәрагоу стратегиатә ҩызоуп. Аԥсны Анапхгара ахә ҳаркны иашьоит аҭышәынтәалареи аҭынчреи ралыршараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа инанагӡо ароль.

Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа, хаҭалатәи аилазаарагьы Шәаргьы абри аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аррамаҵзура ахысраҟны аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа».

Last modified on Ашәахьа, 02 Лаҵара 2022 18:07