Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В. В. Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы Аҧсны иқәынхо ажәлар зегьи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амш.
Хьӡи-ԥшеи змоу ари аныҳәа азгәаҭо, аибашьцәа гәымшәқәа, зыҧсҭазаара иамеигӡакәа, анацизм иаҿагылаз ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит.
Агәра згоит, аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан иӡрыжәхаз аиҩызареи аицхыраареи рытрадициақәа аҧхьаҟагьы ҳтәылақәа реидгылареи рыстратегиатә усеицуреи рырӷәӷәара ишацхраало.
Аҳәара ҟасҵоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аветеранцәа сыхьӡала аџьшьара рышәҭарц, агәабзиара ақәранҵыреи рзеиӷьашәшьарц».