Ҷлоу ақыҭантәи алагарҭатә школ дҭан (1926-1928), нас - Џьгьарда ақыҭантәи быжь-шықәсатәи ашкол (1930 ш. инаркны). Дрылгеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1935), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша (1939), Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура (1944). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы Аҧсныҟа дхынҳәит, 1943 ш. азынӡагьы рҵаҩыс аус иуан, анаҩс – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы, Н. И. Марр ихьӡ зхыз абызшәеи аҭоурыхи Аҧснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны. 1943-1944 шш. раан иҵара иациҵон Қарҭ, абызшәадырра аинститут аҟны.
1947 ш. февраль 25 рзы Б. У. Шьынқәба, Гь. А. Ӡиӡариа, К. С. Шьаҟрыл ашәҟәы дәықәырҵеит ВКП(б) Ацентр Комитет (Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала) ашҟа, уаҟа иаахтны иадырбеит аҧсуа жәлар рзинқәа реилагареи ркультура аицакреи шымҩаҧысуаз. Б. Шьынқәба дналаҵаны ашәҟәы авторцәа ирышьклаҧшуа иалагеит, ашәҟәыҩҩы усҟан дызлеиқәхаз џьашьахәуп.
1954-1958 шш. раан Б. Шьынқәба Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын, 1958-1979 шш. рзы – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дыҟан. 1959, 1978, 1984 шш. раан СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан, 1989 ш. - СССР жәлар рдепутатс. 10-шықәса инареиҳаны Аҧсны Аминистрцәа Рсовет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашьҭахь акыр шықәса хадара азиуан Аҧсны Ахада иҟны иҟаз Ауаажәларратә совет.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит акыр заа. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа ируакуп 1935 ш. ажурнал «Аҧсны ҟаҧшь» ианылаз «Ахаҵара». Уи нахыс иҩымҭақәа ркьыҧхьуан Аԥсни Урыстәылеи еиуеиԥшым ажурналқәа рҟны.
1938 ш. Аҟәа иҭыҵит раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Раҧхьатәи ашәақәа». Убри нахыс хыԥхьаӡарарацәала ишәҟәқәа ҭыжьын.
1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи – 1960-тәи ашықәсқәеи раан апоет иаҧиҵоит ажәеинраалақәа: «Амҳаџьыраа ргарашәа» (1940), «Апартизан» (1942), «Сыҧшалас» (1958), «Аӡынтәи ашьыжь» (1959) уҳәа егьырҭгьы; абалладақәа: «Ахәыҷра» (1940), «Аҿырпын» (1947), «Риҵа» (1948), апоема «Иаирума» (1960), аҧсуа литература аклассика акәны иагьыҟалеит. Арҭ ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба иҽҧишәоит апоезиа аепикатә форма дуқәа рҟны, иҩуеит апоема «Аҳәачаҧа», иажәеинраалоу ароманқәа «Аҿатә уаа», «Ахра ашәа». Иажәеинраалақәа «Амҳаџьыраа ргарашәа», «Апартизан», «Сыҧшалас», «Кофта шкәакәа зшәу» уҳәа ирылхны иаҧҵан ашәақәа, лассы-лассы урҭ жәлар рашәақәа ракәнгьы ирыдыркылоит.
Апоет апрозаҿы раҧхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵоит. Раҧхьатәи ипрозатә ҩымҭа – аповест «Чанҭа дааит» анылеит ажурнал «Алашара» 1969 шықәсазы (№4). Абри ашықәс азы уи еиҭаган аурысшәахь, Е. Герасимов ибзоурала, егькьыҧхьын ажурнал «Новыи мир» (№6) аҟны. Уи нахыс Б. Шьынқәба иҩуеит ароман «Ацынҵәарах», раҧхьаӡа акәны ианылеит ажурнал «Алашара» (№1-8) 1974 шықәсазы; хазы шәҟәны иҭыжьын уи ашықәс анҵәамҭазы.
Ироман «Ахаҳә еиҩса» актәи ашәҟәы иҩит 1979-1981 шш. раан, хазы шәҟәны иҭыҵит 1983 шықәсазы. Хаара имгакәа аурысшәахь еиҭеигеит И. Бехтерев, егьҭнажьит аҭыжьырҭа «Советский писатель» (М.,1986). Аҩбатәи ашәҟәы аҩра далагеит 1987 шықәсазы, егьхиркәшеит 1991 ш. маи мзазы. Аҵыхәтәантәи авариант кьыҧхьуп Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны (1998).
Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реиҳарак (ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ароманқәа, аповест) аурысшәахь еиҭагоуп, иҩымҭақәа жәпакы (еиҳаракгьы «Ацынҵәарах») еиҭагоуп адунеи акыр абызшәақәа рахь.
Б. Шьынқәба авторс дрымоуп иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы, урҭ рызкуп аҧсуа бызшәеи, афольклори, аетнографиеи. Еиқәиршәеит афольклортә текстқәа реизга.
Б. Шьынқәба деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Уи аҧсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов, Н. А. Некрасов, Џь. Баирон, И. В. Гиоте, Ш. Бодлер, П. Верлен, Ш. Петефи, Ш. М. Бараташвили, А. Р. Ҵереҭели, Г. В. Табиӡе ражәеинраалақәа, Ш. Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу» ацыҧҵәахақәа уҳәа.