Адныҳәаларатә ажәахә аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Жәытә-натә аахыс аерман жәлар ҳаҭырқәҵарала иазнеиуан аҵареи адырреи. Аерман жәлар аԥсуа дгьыл аҿы рықәынхара аҭоурых – аерман школқәа рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы шәышықәсатәи аиубилеи азгәазҭахьоугьы ыҟоуп. Гәымсҭатәи абжьаратәи ашколгьы урҭ иреиуоуп.
Шәышкол аҭоурых аҿы иҟоуп имаҷымкәа акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп, ари ақыҭа ауааԥсыра иара убас ашкол аусура азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ишалахәыз, уи аколлектив хра злоу адгылара шрырҭоз.
Шәара шәышкол зеиӷьаҟам аусшьҭымҭацәеи урҭ реихьӡарақәеи, аколлектив аҩныҵҟа аизыҟазаашьақәа иҳараку рыҩаӡара, иара убас абиԥарақәа реимадаралеи рыла еицырдыруеит. Аиҳарак уи аарԥшхеит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан, иара убас 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан. Ари ашкол аушьҭымҭацәа аӡәырҩы аибашьра адәаҿы рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, урҭ ԥсрашьҭахь арратә хьыӡқәеи амедалқәеи аорденқәеи ранашьахеит».