Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҞӘА АҚАЛАҚЬТӘ ЕИЗАРА АҞНЫ ИАԤҴОУП АМҨАДУҚӘА РЫХЬӠҚӘА АԤСАХРЕИ АХЬӠҚӘА РАХҴАРЕИ РЗЫ АКОМИССИА.

Аԥшьаша, 19 Лаҵара 2022 21:36 248

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 19 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара аҿы Аҟәа ақалақьтә Еизара аҟны аҳҭнықалақь амҩадуқәа, апроспектқәа, амҩасырҭақәа, амҩабжьахалақәа, апаркқәа, аскверқәа, абульварқәа, аплошьадқәа рыхьӡқәа рыԥсахреи ахьӡқәа рахҵареи, иара убас амемориалтә ӷәқәа рышьақәыргылареи рзы ауаажәларратә комиссиа  аԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчилаа акомиссиа хаҭалатәи аилазаара асиа даԥхьеит, иара убас Аҟәа ақалақьтә Еизара аҟынтәи акандидатура ықәиргылеит. Акандидатура азы зегьы еицҿакны рыбжьы рҭиит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара аҟны иаԥҵахо Аҟәа ақалақь амҩадуқәа, апроспектқәа, амҩасырҭақәа, амҩабжьахалақәа, апаркқәа, аскверқәа, абульварқәа, аплошьадқәа рыхьӡқәа рыԥсахреи ахьӡқәа рахҵареи, иара убас амемориалтә ӷәқәа рышьақәыргылареи рзы ауаажәларратә комиссиа аилазаара аҿы иҟалоит:

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе;

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Сослан Салаҟаиа;

Ауаажәларратә Палата алахәыла Елена Лабахәуа;

Аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Олег Бӷажәба;

Аполитикатә партииа «Амцахара» алахәыла Руслан Џьугелиа;

Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аруаа» Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла  Хына Думаа;

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра архив аиҳабы, архивтә Маҵзура анапхгаҩы Валериан Агәмаа;

Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба;

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутат Инал Кьышьмариа.

 

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:37