Ҩыџьа акандидатцәа еиҟараны абжьы роуит, урҭ рыбжьара аҩаша лаҵарамза 24 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата азы» азакәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны, АП алахәылас дҟалар алшоит ҩажәи акы шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаҩ. Ауаажәларратә Палата алахәылас дҟалар илшаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аӡбаҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵураҭыԥқәа аанызкыло егьырҭ ахаҿқәа, аҭыԥантәи ахаланаԥхаратә усбарҭақәа рлахәылацәа.
Ауаажәларратә Палата Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу 13-ҩык Аԥсны атәылауаа, 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа, 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоуп.