Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа руаӡәы, Аԥсны арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы асоциал-адаптациатә ҟәша анапхгаҩы Алиас Нанба усҟан иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара аиқәырхара иаҵоу аҵакы ҷыда инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы – аурыс-кавказтәи аибашьра иалаӡыз, ахәҭакахьала, зыԥсадгьыл гәакьа ааныжьны атәым дгьыл ахь ацара зықәшәаз ргәалашәара анаунагӡара. 80% аԥсуаа етап-етапла, аибашьра аамҭа иалагӡаны, иара анхыркәшаха аамҭагьы уахь иналаҵангьы, Ҭырқәтәылаҟа ихыҵны ицеит, уаантәи Аигәа Мрагыларатәи атәылақәа рахь. Амҩан аӡәырҩы ҭахеит, аха Ҭырқәтәыла иӡхыҵызгьы рҟынтәи ирацәаны ачымазарақәеи амлакреи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Иаанхаз ракәзар, изышьцыламыз аҭагылазаашьақәа рҽақәдыршәар акәхеит. Амҳаџьырџәа ирхыргаз атәы аҳәара уадаҩуп. Урҭ ахҭысқәа ҳҭоурых аҿы имӷьо ахәраны иаанханы иҟоуп».
Алиас Нанба иажәақәа рыла, традициала, иара абри аамҭазы, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Амшын Еиқәа анырцә, адгьылбжьаха Қьефқьен убасҵәҟьа агәалашәаратә цәашьқәа адыркуеит, агәалашәаратә мца еиқәырҵоит.
Лаҵарамза 21, 2022 шықәса рзы Аурыс-Кавказтәи аибашьра нҵәеижьҭеи 158 шықәса ҵит. Ари аибашьра иахҟьаны XIX ашәышықәса азы зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа адунеи 50 тәыла рҿы иқәынхоит. Зегьы раасҭа ирацәаны аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.