Апроект заанаҵтәи аусдулара астадиа аҿы ахыдҵақәа алкаауа Алеқсандр Анқәаб аобиект иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа ршәагаа, уи атехникатә еиқәыршәарагьы уахь иналаҵаны, иазԥхьагәаҭоу аицҵалыц иахымсуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҳасабтә аҟаҵараан аспектқәа зегьы хымԥада ҳасаб рызузароуп – амедусбарҭа афункционалтә зкызаара, уи апациентцәа рыла иаиураны иҟоу ақәыӷәӷәаразы абжьарастатистикатә рбагақәа, амедицинатә персонал аҟазаареи уи иаиуаны иҟоу аусуратә қәӷәӷареи, иара убас ахәышәтәырҭа иаҭаараны иҟоу рхыԥхьаӡаразы азԥхьагәаҭара, уҳәа убас иҵегьы.
Ахарџьқәа реизырҳара аганахьала апроект ахәԥса аиҭахәаԥшра ахьзалмыршахо инамаданы, аԥыза-министр апроектҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа ахыдҵа хада ықәиргылеит:
«Ҳара реалла иҳамоу алшарақәа ҳаҽҭыгҭагӡаны иубартә иҟоу аперспектива змоу, шьаҭанкыла иҿыцу, аеффективра злоу ахәыҷтәы стационартә усбарҭа аԥаҳҵароуп».
Апроект-харџьынҵатә документациа аус адулара, ақәыршаҳаҭра, анаҩс ашьақәырӷәӷәара, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшазароуп, аргыларатә усурақәа ралагара азԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса рзы.
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.