Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ЛЕОНИД КАЛАШНИКОВ: УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘААХЫҴЫРҬА ЗЫНӠА ИАԤЫХЗАРГЬЫ АЛШОИТ.

Ахаша, 25 Лаҵара 2022 13:19 194

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭа зынӡа иаԥыхзар алшоит ҳәа ахаша ажурналистцәа дрыҿцәажәо аҳәамҭа ҟаиҵеит Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы, Евразиатәи аинтеграциеи аитәылауаа рымадареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы  Леонид Калашников.

«Ҳалацәажәеит Ԥсоу аӡиас ала ицо Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоу апроблемақәа. Ҳаиқәшаҳаҭхеит аусуратә гәыԥ аиҿкаара, аха иара убри адагьы ҳара акыр хадара злоу азҵаарақәагьы ықәҳаргылеит – уи араҟа иҟоу аҳәаахысырҭа зынӡа ақәгара, Белоруссиа ишыҟарҵаз еиԥшны аҟаҵара акәын изызкыз», - ҳәа Леонид Калашников иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо  иаанацҳауеит ТАСС.     

Last modified on Аԥшьаша, 09 Рашәара 2022 12:13