Аицлабрақәа рымш ахыркәшаратә маршрут аҿы ҩыџьа аҽыбҕаҟазацәа роуп ахараҧсатә кәаҭалақәа рыда амаршрут хада ахысра зылшаз. Наталиа Симониа Кваренги ҳәа зыхьӡу аҽыҩ дақәтәаны 36,28 секунд иалагӡаны аҧынгылақәа рхыҧара лылшеит, иара убри ала аиааирагьы лгеит. Уи иара убас иарбоу амаршрут аҿы, аха "Клен” ҳәа захьӡу даҽа ҽыҩк дақәтәаны ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит.
Мызкы аҧхьа Наталиа Симониеи Кваренги ҳәа зыхьӡу аҽыҩи аҽыбҕаҟазара-спорттә комплекс “Ивановское” аҿы адунеи Ахраҿа даҽа етапк аҿы аиааира ргеит, арҭ аҩ-турнирк рыбжьара урҭ “Аҽыбҕаҟазара-спорттә Комплекс “Отрада” Ахраҿа” агаразы атурнир иалагӡаны 145 см. ирҭагӡоу аконкур азы урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы аиааира агара рылшеит.
Аҧсны абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз Наталиа Симониа аиааира лыдиныҳәалеит, аринахысгьы аспорттә еихьӡара дуқәа лзеиҕьаишьеит.