Лавренти Амқәаб диит ҧхынгәымза 22, 1961 шықәса Ҭҟәарчал ақалақь аҿы. Уи азауад “Зариа” аҿы аус иуан (1981 – 1985 шш. ), анаҩс ашахта №6 аҿы. (1985 – 1991 шш.).
Аибашьра аламҭалазы Ареспублика Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рполк Агәыӡератәи абаталион ахҧатәи авзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны уи Аҧсны ампыҵахалара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны иалалаз Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет аруаа ирҿагылаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа дгылан.
Аибашьраан Лавренти Амқәаб Агәыбедиатәи ахырҕәҕшәарҭатә раион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан (1992 г.), Мрагыларатәи афронт ахҧатәи Ҭҟәарчалтәи аполк акомандаҟаҵаҩыс дыҟан (1992 – 1993 шш.). Уи далахәын актәии аҩбатәии Очамчыратәи ажәыларатә операциақәа, иара убас, Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра азы ҧхынгәытәии цәыббратәии ажәыларатә операциақәа....
Лавренти Амқәаб изныкымкәа ахәрақәа иоухьан. Аибашьра ашьҭахь Лавренти Амқәаб Драндатәи аконсервтә зауад адиректорс аус иуан (1993-1995 гг.).
1995 ш. “Аҧсны Афырхаҵа” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.
1995 шықәса инаркны уи Ҭҟәарчалтәи ахҧатәи арезервтә бригада акомандаҟаҵаҩыс дыҟан, аамҭак ала Гал ақалақь аҿы аҳазылхратә Усбарҭа анапхгаҩысгьы дыҟан.
2000 шықәсазы Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс аус иуан.
2004 – 2005 шш. – Лавренти Амқәаб Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгаҩыс дыҟан.
Аибашьра ашьҭахь Гал араион аҿы имҩаҧгаз лаҵарамзатәи аоперациа (1998 ш.) далахәын, иара убас Кәыдрытәи аҩхаа аҿы (2001 г.). атерроризм аҿагыларазы имҩаҧгаз арратә операциа.
2011 шықәса рзы аҳазылхратә маҵзура аинрал- маиор ҳәа ахьӡ ианашьахеит.
Рашәарамза, 2015 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусҧҟа ала Аҧсны атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵан, иара убри ашықәсан, ҧхынгәымза азы “аруаа аполитикатә усура ралахәхара азы азин рызымҭо “Аруаа рыстатус азы” азакәан аҧҟарақәа реилагара азы” имаҵураҭыҧ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
Лавренти Амқәаб ҧхынгәымза 14, 2015 шықәса рзы “Аҧсны аппозициатә мчқәа Рыблок” аҧҵаразы аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз дыруаӡәкын.