Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

61-ҨЫК АКОРОНАВИРУСТТӘ ҾКЫ ЧЫМААЗАРА COVID-19 РЫДБАЛОУП

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 18:36 560

Аҟәа. Цәыббрамза 24. Аҧсныпресс.  Зынӡа  иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла алабораториатә гәаҭара иахысыз ­227 -ҩык рҟынтәи 61-ҩык рҿы  акоронавирусттә ҿкы чымазара  COVID-19 аарҧшуп ҳәа цәыббрамза 24 рзы адырра ҟанаҵоит ауааҧсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб.

Уажәазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 99 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә  97-ҩык акоронавирустә ҿкы чымазара азы рдиагноз шьақәырҕәҕәоуп. Быжь-ҩык рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, 33-ҩык апациентцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп. Ахәышәтәра ианахыс ашьҭахь 9-ҩык ылҩааны рыҩныҟақәа рашь ишьҭуп. Ахыҧхьакра аҿы иҟаз рҟынтәи ргәы бзиахахьеит 21-ҩык.

Ауааҧсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб Аҧсны ауааҧсыра  иарбоу ачымазара алаҽра аҽацәыхьчара азы иахәҭоу аусмҩаҧгатәқәа зегьы рынагӡара азы аҧшьгара ҟанаҵоит.