Поиск по слову

Календарь

« Ноябрь 2024 »
Пн Вт Ср Чт Пт Сб Вс
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АСЛАН БЖАНИЯ ПОЗДРАВИЛ СОТРУДНИКОВ НАЦИОНАЛЬНОЙ БИБЛИОТЕКИ СО СТОЛЕТНИМ ЮБИЛЕЕМ

Сухум. 29 марта 2021. Апсныпресс. Президент Аслан Бжания поздравил сотрудников Национальной библиотеки в связи со столетием.

В тексте поздравления говорится:

«Уважаемые сотрудники Национальной библиотеки!

От всей души поздравляю вас со 100-летием Национальной библиотеки им. И. Г. Папаскир. Это большое событие для всего нашего  народа. Национальная библиотека является одним из очагов культуры, который имеет большую историю. Библиотека была открыта в 1921 году с установлением Советской власти в Абхазии. Это показывает, что руководители, которые восстановили абхазское государство, ставили на первое место вопрос образования населения.

Национальная библиотека воспитала известных писателей и ученых Абхазии.

Сегодня, когда электронное оборудование начинает вытеснять печатные издания, библиотеки  тоже меняют свои  подходы. Я уверен, что вы сможете внедрить инновации в библиотечное  дело.

Хочу выразить вам благодарность за то, что в послевоенные годы  вы,  не падая духом, пережили трудности и смогли сохранить очаг национальной культуры.

Я желаю вам здоровья, удачи и успехов в вашей работе».

 

 ***

“Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи амилаҭтә библиотека 100 шықәса ахыҵра. Ари хҭыс дууп ҳажәлар зегь рзы. Амилаҭтә библиотека ҳажәлар гәадурас ирымоу акультуратә хәышҭаарақәа ираукуп.   Иара иамоуп аҭоурых ду.  Иаартын Аҧсны асовет мчра анышьақәгыла март мза 1921 шықәса рзы. Уи иаҳнарбоит Аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз анапхгаҩцәа ажәлар аҵарадырра рыларҵәара аус зегь раҧхьа ишдыргылоз.

Амилаҭтә библиотека иааӡеит ҳҳәар ҳалшоит хмилаҭә литература ӡырызгоз ҳашәҟәыҩҩцәа хьӡырҳәагақәа, ҳҵарауаа дуқәа.

Иахьа аелектронтә мыругақәа аҧыжәара анрымоу аамҭазы, ашәҟәыҧхьарҭақәагьы аусура азнеишьа рыҧсахуеит. Агәра ганы сыҟоуп шәара ишшәылшо ҳаамҭа иақәшәо аҿыцрақәа ралагалараҿы ақәҿиарақәа раарҧшра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәгәы камыжькәан, ауадаҩрақәа шәыриааины, иахьшәылшаз ҳмилаҭтә культура ахәышҭаара ду аиқәырхара.

Иахьатәи аныҳәа аҽны ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәныпы злаку иҧшьоу аусаҿы аихьӡарақәа”.

 

 

 

 

 

 

 

 

Последнее изменение Понедельник, 29 марта 2021 13:08