Сезаи Папба (Бабакуш) диит 1959 шықәсазы Ҭырқәтәыла Сакариа аҿацә Ҳендеқь араион Калаиык ақыҭаҿ. Сҭампылтәи Ауниверситет ажурналист изанааҭ ала даналга нахыс, Ҭырқәтәыла еицырдыруа агазеҭқәеи, аинформациатә агентрақәеи рҿы аусура напаиркит. 1990 шықәсазы атәылаҿы иреиҳаӡаз агазеҭ «Ҳәырриеҭ» («Hürriyet») аекономикатә ҟәша редакторс даман. Иара убри аамҭазы ауп Аԥсныҟа дааны Владислав Арӡынба аекономикатә зҵаарақәа рганахьала ицхырааҩыс аусура даналага.
1992 шықәса ԥхынгәымзазы адиаспораа ирзкны ҭырқәшәала раԥхьаӡатәи агазеҭ «Абҳазиа» ҭижьит. Ҭырқәтәылантәи иааны Аҧсныҭәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵоз аҿар ицырхырааны иҭижьуан ари агазеҭ.
1992 анаҩс 1998 шықәсақәа рзы Ҭырқәтәыла иаҭааз Владислав Арӡынба дарӷьажәҩаны дицын, офицалтә еиԥыларақәарҿы еиҭагаҩыс диман, аделегациа амҩаԥгаҩцәа дыруаӡәкны дыҟан. Ҭырқәтәылатәи аиԥыларақәа раамышьҭахь ақырҭуа фашисҭцәа Аԥсны ианақәла агазеҭ аусқәа аанкылахеит, аха Сезаи иусура ааныимкылаӡеит. Сҭампыл иеиҿкааз «Кавказ-Аԥсны Адгыларатә Комитет» аиҿкааҩцәа дрылан, анапхгарагьы далахәын. Аԥсуа еибашьцәа Гагра ахақәиҭтәра аналдырша ашьҭахь Гәдоуҭа дааны Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспореи Аԥсни еимыздоз, насгьы Аԥснытәи ажәабжьқәа уахь ирылазырҵәоз дыруаӡәкын.
Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистырра рыҽимаданы ҳхьыԥшьымразы ақәԥара даҿын. Аҧсны аблокада ианҭакыз аамҭазы ахныҟәгаразы раԥхьа Москваҟа, нас дук мырҵыкәагьы Ҭырқәтәылаҟа диасыр акәхеит. Уаҟа ихатәы усқәа инарываргыланы «Аԥсны Аҩызцәа» захьӡыз агәыԥ аԥиҵеит.
Аԥсуа усқәа ирызкны аизарақәеи, аконференциақәеи, аиԥыларақәеи уҳәа реиҿкаара дшаҿыз даҿын, имаҷымкәагьы Аԥсны иазкыз ашәҟәқәа редакторс дрыман. Иеиуеиԥшым ателеканалқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә политика ахьчаразы дықәгылон, агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы астатиақәа аниҵон.
Иԥсҭазаара зегьы хықәкыс, хырхарҭас иамаз Ҳаԥсадгьыл Аҧсны ахьыԥшымра наӡахарц азы ақәԥара акәын.
Мшаԥымза 1 азы иаалырҟьаны дыхҭазкыз ачымазара бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
***
Соболезнования по случаю смерти Сезаи Папба выразил и Государственный комитет Республики Абхазия по репатриации.