"Ҳаҭыр зқәу Тҟәарчалаа!
Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал аиубилеи - Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы рзы иҭоурыхтә хҭысуп, ныҳәамшуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы ишьақәыргылаз, ашьхақәа ршьапаҿы ишьҭоу ақалақь ҧшӡа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ааглыхратә центр дуны иҟалеит.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, 1992-1993ш.ш. рзы, Тҟәарчалаа иаадырҧшыз агәаӷьреи афырхаҵареи ҳаҭыр дула иазнеитәуп. Амацәаз иҭакыз ақалақь Мрагыларатәи ақыҭақәа рҟынтә зықьҩыла ахҵәацәа рзы ирызгәакьоу ҩндуны иҟалеит.
Иахьа, ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирҭагылазаргьы, аҳәынҭқарра иалшоу зегьы ҟанаҵоит аекономикатә потенциал аиҭашьақәыргыларазы, жәытәаахыс иамоу ахьӡ-аҧша аизырҳаразы. Тҟәарчал инхоит зықалакь гәакьеи зыҧсадгьыли бзиа избо ауаа гәыразқәа.
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, шәнапы злашәкуа шәусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа. Ишәҭлааит, икакаҷлааит - Тҟәарчал!".
Аҧсны Ахада
А. БЖЬАНИА