Лаҵарамза 5 рзы аӡбаҩ Мадина Чачба ирылалҳәаз ашьауӷақәҵа арезолиутивтә хәҭа инақәыршәаны, Борис Ачба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 156, ахәҭа 4 (мцҳәарала аус аилаҽаҽара, мамзаргьы агәрагара цәгьашақә ахархәарала шәагаала идуу атәым мал ампыҵакра) ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура ала ахара идуп ҳәа ашьауӷақәҵара ҟаҵоуп, ахьырхәра аҳасабала, имоу амазара амхрагьы уахь иналаҵаны, 7 шықәса азеиԥш режим змоу абахҭаҿы аҭакра иқәҵоуп. Аӡбарҭа азыӡбала, Борис Ачба иганахьала аҭакразы иаԥырхагоуп ҳәа ишьақәыргылоу амедицинатә рбагақәа инарымаданы уаанӡа иқәҵаз аҩнытә ҭакра абахҭа аҭакра ала иԥсахуп. Зус рыӡбоз Ареспубликатә хәышәтәырҭҿы иҟазаара инамаданы, ашьауӷақәҵара алаҳәараан аӡбарҭаҿы дыҟаӡамызт.
Аусеилыргара аверсиа ала, Борис Ачба, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныавтомҩа» напхгара анаиҭоз аамҭазы, имаҵуратә ҭагылазаашьеи Аҳәынҭқарра Ахадеи иареи ирыбжьаз агәрагаратә еизыҟазаашьақәеи ихы иаирхәон. Атәым мазара (мцҳәарала шәагаала идуу абиуџьеттә хархәагақәа) рымпыҵахалара хықәкыс иҟаҵаны, жәабранмза 27, 2017 шықәса рзы Борис Ачба Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала ашәҟәы еиқәиршәеит. Иарбоу ашәҟәы аҿы уи имцырку адыррақәа, иҭкааны иуҳәозар, амшцәгьақәа (жьҭаарамза-абҵарамза 2016 шықәса рзы иҟаз аӡхыҵрақәеи, ажьырныҳәамза-жәабранмза 2017 шықәса рзы асоурақәеи) ирыхҟьаны аӡиасқәа Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи ирхыз автомашьынатәии аихамҩатәии ацҳақәа рҭагылазаашьа уашәшәыроуп ҳәа адыррақәа анын. Борис Ачба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи 19 47 11 62 мааҭ изоужьхеит, уи анаҩс ихыҭҳәаау ахаҿы аԥҵаҩыс дызмоу Зҭакԥхықәра щәаақәҵоу Аилазаара «Юг Строй Комплект» аилаӡара бжьаҵаны аусурақәа рынагӡаразы имцыркыз аусшәҟәқәа реиқәыршәарала ампыҵакра алыршахеит.
Аусеилыргара мҩаԥнагон Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусеилыргаратә ҟәша.
Sputnik Аԥсны иҟанаҵо адыррақәа рыла, адукат Инга Габилаа аӡбарҭа ашьауӷақәҵара дақәшаҳаҭымхаӡеит, уи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Акассациатә коллегиа ашҟа ашьауӷақәҵара азашшра дәықәылҵоит.