1996 шықәсазы Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы алаборант еиҳабыс аусура далагеит.
1998 шықәсазы – Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут анаукатә усзуҩ еиҵбы.
1999-2002 шш. Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аспирантура акурс дахысуан. “Афольклор аԥсуа проза аеволиуциеи ашьақәгылареи рсахьаркыра-структуратә фактор аҳасабала” атема ала акандидаттә дисертациа ихьчеит (2005 ш.).
2003 шықәазы аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә Фонд аҿы аредактор хадас аус иуан.
2003-2005 шш. аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә Фонд напхгара аиҭон.
2005-2007 шш. ажурнал «Аҟазара» аҟәша деиҳабын.
2005-2014 шш. Агазеҭ «Иқьырсиану Аԥсны» аԥсуа ҟәша аредакторс дыҟан.
2005 шықәса инаркны – Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аԥсуа литература акафедра аҿы алекциақәа дрыԥхьон.
2005-2011 шш. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут афольклор алабораториа аиҳабыс аус иуан.
2009 шықәса инаркны – акафедра арҵаҩы еиҳабы, 2011 шықәса инаркны ААУ адоцент.
2011-2015 шш. – Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.
2011-2012 шш. – Аԥсны аҵарадырра аминистр ихаҭыԥуаҩыс ау иуан.
2015-2017 шш. – ААУ афилологиатә факультет адекан.
2017 шықәса инаркны иахьа уажәранӡа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор.
Арда Ашәба дравторуп амонографиақәа «Афольклор аԥсуа проза аеволиуциеи ашьақәгылареи рсахьаркыра-структуратә фактор аҳасабала». Маиҟәаԥ, 2004 ш.; «Ахаҭашьара аепохеи асахьаркыратә дунеи», Маиҟәаԥ, 2005 ш.