"Ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа, асасцәа даӷьқәа! Виктор Михаил-иԥа Гацак игәалашәара иазкны имҩаԥгахо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи анаукатә аԥхьарақәа «Аамҭа иҭагӡоу атрадициақәа» алахәылацәа зегьы гәык-ԥсыкала бзиала-шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Ари афорум амҩаԥгара ҳтәыла азы акыр аҵак ду амоуп. Уи еиҵагыло аҿар рзы рхатәы доуҳатә хәдуқәа еиҳа инарҵауланы рыҭҵаареи, адунеизегьтәи ацивилизациа бжьырацәала еилоу ахор аҿы ҳажәлар инанагӡо ароли реилкаара азы хра злоу лшараны иҟалоит. Ҳара ҳазгәдууп ҳфольклортә школ еиқәырханы аагареи, уимоу, арҭбаареи аҿиареи ахьҳалҳаршаз. Еиҳарак агәахәара узцәырнагоит иарбоу анаукатә аԥхьарақәа рыпрограмма аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа ражәахәқәагьы ахьалагалоу. Аԥсны Анапхгара ас еиԥш иҟоу анаукатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иадгылоит, избан акәзар, урҭ анаукатә еимадара арӷәӷәареи аԥышәаеимадареи ӷәӷәала иацхраауеит. Виктор Михаил-иԥа Гацак игәалашәара иазкны имҩаԥгахо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи анаукатә аԥхьарақәа «Аамҭа иҭагӡоу атрадициақәа» алахәылацәа зегьы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит қәҿиарала аусуреи аԥсуа дгьыл аҿы шәыҟазаара аҟынтәи ацәанырра бзиақәеи».