Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгараҭара ахаҭарнакцәа лаҵараза 2021 шықәсазы аусура азы аҳасабырба ҟарҵеит. Рашәарамза 1, 2021 шықәса аламҭалазы аҳазылхратә усбарҭақәа русура аганахьала аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ашҟа ашәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалоуп 209 млн. мааҭ. Иарбоу аамҭахәҭа азы аплантә рбагақәа 177,0 млн. мааҭ рҟынӡа инааӡоит. Аплан анагӡара 118 % рҟынӡа инаӡеит. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахаҭарнакцәа иҟарҵаз адыррақәа рыла, 2020 шықәса лаҵарамзазы иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, лаҵарамза 2021 шықәсазы урҭ 68 млн. рыла еиҳахеит. Аха убри аан, економикала еиҳа иҭышәынтәалаз 2019 шықәсазтәи арбагақәеи, лаҵарамза 2021 шықәсазы иҟаз арбагақәеи еиҿурԥшуазар, 2019 шықәсазтәи арбагақәа 40 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Ҳазҭоу ашықәс хәымз ирылагӡаны, рашәарамза 1, 2021 шықәса аламҭалазы иҟоу аҭагылазаашьа ала, аҳазылхратә усбарҭақәа рыла 792 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аплан ала 927 млн. 400 нызықь мааҭ ахыԥхьаӡалоуп. Убас ала, хәымзтәи аплан 117% рыла анагӡара алыршахеит.
Алеқсандр Анқәаб аиԥылара хыркәшо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусура аихшьаалақәеи аҳазылхратә шәатәқәа рымҩаԥгара анапхгараҭара аҩаӡареи атәыла аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ашьақәгылараҿы ароль ду нанагӡоит. Иаартны исҳәоит, шәара шәусура ахаҭабзиара ишиашоу иадҳәалоу рацәоуп: ауааԥсыра рҿаԥхьа асоциалтә ҭакԥхықәарақәа ишахәҭоу ала анагӡара, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, уҳәа аусхкқәа рҿы аусура аиҿкаара. Шәусура аҩаӡара аизырҳара акыр ҳақәгәыӷуеит».