Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

БЕСЛАН ЕШБА КИАЛАШӘЫРТӘИ АӠХАГАЛАГАТӘ СТАНЦИА АҞЫНТӘИ АӠЫ ЗАУА АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АУААԤСЫРА ӠЫЛА РЕИҚӘЫРШӘАРА АЗЫ АНАПЫНҴАҚӘА РИҬЕИТ.

Ахаша, 28 Ԥхынгәы 2021 14:32 519

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ԥхынгәымза 26- 27 ауха ақәыршҩы ашьҭахь иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ааха зауз ауааи аҭыԥқәеи дырҭааны игәеиҭеит. Аҳҭнықалақь ахада аӡиас Басла ааигәа-сигәа иҟоу, аӡы зыҩналаз аҩнқәа дырҭааит, ауааԥсыра дрыҿцәажәеит.  Уи иара убас ихыжәжәаз аҵла амахәқәеи ахаҳә-мҿыхәи агәам-сами рыла еилажьу амшын агаҿа аҿы днеины иҟоу аҭагылазаашьагьы гәеиҭеит.

Анхара-коммуналтә усбарҭа Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба аҳҭнықалақь ахада Кьалашәыртәи аӡхагалагатә станциа аҟны иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ииҭеит.  Уаҟа аӡиас ала инагаз, 120-метра рҟынӡа инаӡо ақәыӷәӷәара змоу аӡымҩангага ҵнаӡәӡәаааит. Аӡы аҩаӡара ҳаракуп, убри аҟнытә макьаназы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара залыршахом.  

Беслан Ешба Анхара-коммуналтә усбарҭа Адепартамент ахаҭарнакцәа Кьалашәыртәи аӡхагалагатә станциа аҟынтәи аӡы зауаз ақалақь ауааԥсыра астанциа аиҭашьақәыргылара алыршахаанӡа  ӡыла реиқәыршәара алдыршарц азы  анапынҵақәа риҭеит. 

Ԥхынгәымза 26 ауха иҟалаз ақәыршҩы иахҟьаны Гәылрыԥшьтәи аӡхагалагатә станциа аӡы ҩналеит. Уаантәи аӡы зауа Агәыӡера, Гәылрыԥшь араиони Синоп аҳаблеи уажәы ӡыда иаанханы иҟоуп, избан акәзар аӡхагалагақәа рырбара аҭахуп.

Last modified on Аҩаша, 03 Нанҳәа 2021 12:40