Аилатәара рхы аладырхәит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҵарадырреи анауки рминистр Натали Гассиева, иара убас Урыстәылатәи Афедерциа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Урыстәыла афинансқәа Рминистрра, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахаҭарнакцәа.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи арҵагашәҟәқәа рыла реиқәыршәара азҵаара амеханизм иалацәажәеит. Урыстәылатәи аган ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи арҵагашәҟәқәа рыла реиқәыршәара алыршара шазԥхьагәаҭоу шьақәнарӷәӷәеит.