Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҟаиҵаз адаҵа ала, иҳаҩсыз амшқәа рзы хықәкылатәи агәҽанызаара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа Гагра араион акурортқәа иахьрыҵанакуа имҩаԥган. Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аузуҩцәа ирҭааны игәарҭахьеит 50 инареиҳаны асасааирҭақәеи апансионатқәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Самшитоваиа рошьа», «Литфонд», «Акурорт Пицунда апансионатқәа Реидгыла», уҳәа убас егьырҭгьы. «Иааизакны уахәаԥшуазар, ауаа реиҳараҩык азакәан еиларгаӡом. Аилагарақәа ыҟоуп, аха азинхьчара аусзуҩцәа агәаҭарақәеи аилыркааратә усуреи мҩаԥыргоит. Ахәаахәҭратә обиектқәеи асасааирҭақәеи рыԥшәмацәа амилициа аусзуҩцәа рнапы иадыркуеит акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара ашәарҭараан аусура амҩаԥгараан иахәҭоу асанитартә абжьгарақәа рсиа. Иара убас Гагра араион ауааԥсыреи асасцәеи асоциалтә дистанциа анагӡара ахымԥадатәреи хазхаҭалатәи ахыхьчаратә хархәагақәеи рхархәареи азы ргәырҽанырҵоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.