Уажәы аекономика Аминистрра аҿы анефт аалыҵқәа рыхәԥса аиҭакразы ажәалагалақәа аус адулара мҩаԥысуеит. «Уи Аԥсны абылтәы аагаразы ахәԥса аҳәаақәҵара алшаӡом, избан акәзар ахатәы ҭыжьра амаӡам. Абылтәы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаагахоит, насгьы зегьы ишырдыруа еиԥш, уажәы урыстәылатәи абылтәы аџьармыкьа аҿы ахәԥсақәа рышьақәгылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.
Атәыла аекономика аминистр анефт аалыҵқәа рыхәԥа алаҟәра апрогноз аҟаҵара лҽазылшәаӡом. "Ганкахьала, анефть аалыҵқәа рзы аҭаххара аҩаӡара шыҳараку умбаратәы залшом, даҽа ганкахьала – нанҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа азауадқәа рыхәҭак апрофилактикатә еиҭашьақәыргыларазы иаанкылахоит. Ҳара нанҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа иҟоу ахәԥсақәа рыҩаӡара аанкылара ҳалшаӡом, убри аҟнытә анефт аалыҵқәа аганахьала ахәԥсатә политика аиҭакразы ажәалагала ала атәыла Анапхгара ҳадҵаалар акәхоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.
Атәыла аԥыза-министр аекономика Аминистрра аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аӡбаразы авариантқәа рыԥшааразы анефт аалыҵқәа раагаҩцәа алархәны аилатәара амҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит.