Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза, 2021 шықәсазы 128,7 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплан ала аҳазылхратә усбарҭақәа рыла ашәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 247,2 млн. мааҭ. Аплантә рбага ԥхынгәымза азы 192% рыла инагӡахеит. 2021 шықәса бжьымз ирылагӡаны аҳазылхратә лагалақәа реицҵалыҵ 1 млрд 430 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ҳазҭоу ашықәс бжьымз рыла аплантә рбага 134% рыла инагӡахеит. Иҳаҩсыз 2020 – тәи ашықәс азы аиԥшзеиԥшу аамҭхәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы ашәатәқәа рхыԥхьаӡалара арбагақәа 492 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, уи 2019 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар - 448 млн. мааҭ рыла еиҳахеит.