Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ауснагӡатәқәа «ибзианы иазыҟаҵаз, ихьыԥшым Аԥсны атерриториа ампыҵакра иазырхаз аккупациатә акциа аҳасабала иахәаԥшит.
Есышықәса, нанҳәамза 14 аҽны Ареспублика аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Аԥсны Анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз афырхацәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҿар, ахәыҷқәа.
Аԥсны ахьыԥшымра азы аԥсуа жәлар ирывагыланы еибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи, Алада Урыстәыла, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, апоковник Валикәа Пачлиа (20.11.1945 - 20.04.2021 шш.) ашәҟәы «Боевые действия в грузино-абхазской войне (1992 – 1993 гг.) Документы и материалы», аԥхьажәа аҿы иҟаиҵо адыррақәа рыла, «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуа еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала рхы аладырхәит 18 150 - ҩык. Урҭ рахьынтә: аибашьратә хҭысқәа ирылахәын - 13 970 – ҩык, атылтә маҵзурақәа рҿы - 4 180-ҩык. Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡара - 2 310 – ҩык рҟынӡа инаӡон. Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара:
- Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык.
- Мрагыларатәи афронт аҿы - 5 630-ҩык.
- Гагратәи афронт аҿы- 1 600-ҩык. (афронт ыҟан 1,5 мзы ирылагӡаны).
Аибашьра аҿы еиуеиԥшым ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Иҭахаз ауаа - 2-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит».