Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ахархәарала инарыгӡаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны даанкылан Ҭҟәарчал араион Галхәыҷ ақыҭа аҿы инхо Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа.
1962 шықәса рзы ииз Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа дахьынхо аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгара ашьҭахь, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа зыхҭаларшә 7,62 мм аҟынӡа инаӡо 23 патрони анапытә граната РГД-5 идырбалеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҟанаҵо аинформациа ала, Сангәлиа Вахтанг 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Галтәи амилициа аҿы аус иуан, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ацхыраара риҭон.
Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа иганахьала аматериалқәа Ҭҟәарчал араион Апрокуратура ахь идәықәҵоуп.
Иаанкылоу Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.