а) хаҭалатәи ахьчара алзыршо ахархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) рныҟәгара ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы;
б) ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рахь анеиразы аҽынкылара;
- Ишьақәырӷәӷәазааит ихымԥадатәиу азеиԥш ҭахрақәа:
1) ауаажәларратә транспорти атаксиқәеи рҟны апассаџьырцәа рныҟәгаразы амаҵзура анагӡара аусхк аҟны:
а) иаанкылазааит аиндивидуалтә хыхьчагақәа рыда ( медицинатә сабрадақәа) апассаџьырцәа рымҩангара;
б) русура аанкылазааит апассаџьырцәа ныҟәызго амашьынаныҟәцаҩцәа хаҭалатәи ахыхьчага (амедицинатә сабрадақәа) зҿам;
в) аҭыԥантәи администрациақәа ауаажларратә транспорт асалонқәа есҽны адезинфекциа азура алдыршалааит.
2) ахәаахәҭратә усхк аҟны:
а)Аҟәа ақалақьи Аԥсны Аҳәынҭқарра араионқәеи рҟны афатә аалыҵқәеи, ақыҭанхамҩеи, амаҭәақәеи рџьармыкьақәа есымчыбжьа (мчыбжьык ахьтә знык еиҵамкәа) ахәаахәҭратә хыбрақәеи ааигәа иҟоу адгьылҵакыреи апрофилактикатә дезинфекциа рызузааит;
б) ахәаахәҭиҩцәа (аусуцәа) рзы аиндивидуалтә хыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи) рныҟәгара хымԥадатәизааит.
3) ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рынагӡара аусхк аҟны:
а)астационартә хәаахәҭратә обиектқәеи, амашьынақәа абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәеи, ааглыхратәи ауаажәларратәи хыбрақәеи зтәу есымчыбжьа (мчыбжьык знык еиҵамкәа) рнапаҵаҟа иҟоу ахыбрақәеи, урҭ рааигәа иҟоу аҭыԥқәеи рыҟны апрофилактикатә дезинфекциа мҩаԥыргалаааит;
б) амаҵзура аусхк аҟны аус зуа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа)рныҟәыргара рыдҵазааит.
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи аҭыԥантәи Администрациақәеи аҵарашықәс хыркәшахаанӡа:
а) ахәыҷбаҳчақәеи азеиԥшҵараиуратә усбарҭақәеи русура ахылаԥшра арҭалааит ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа акороновирустә ҿкы чымазара COVID -19 алаҵәара алмыршара иазку асанитартә ԥҟарақәеи даҽа ҭахрақәаки рықәныҟәаразы ;
б) иара иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәеи азеиԥшҵараиуратә усбарҭақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа хаҭалатәи ахыхьчагақәеи (амедицинатә сабрадақәа) адезинфекциатә маҭәашьарқәеи рыла еиқәнаршәалааит.
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра:
а) ауааԥсыра адырра рынаҭалааит акоронавирустә ҿкы COVID-19 азы авакциналаҵара аԥҟареи аҭагылазаашьақәеи рзы;
б) есымчыбжьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи адырра рыҭалазааит акоронавирустә ҿкы COVID-19 азы авакциналаҵара алҵшәақәа рзы.
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә асанитартә-епидемиологиатә маҵзурала Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраарала асанитартә-епидемиологиатә хылаԥшра аобиектқәа ргәаҭара амҩаԥгара алыршазааит.
- Аҭакԥхықәра зду ҳәа ишьақәыргылазааит:
– аҭыԥантәи администрациақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзуреи – абри Адҵа апунктқәа 1, 3 рынагӡараҟны;
– Аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аԥсны аҳәынҭқарра аминистрра абри Адҵа апункт 4 анагӡараҟны;
– Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистрра - абри Адҵа апункт 5 анагӡараҟны; ;
Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура – абри Адҵа апункт 6 анагӡараҟны;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иара иаҵанакуа азҵаарақәа рҳәаа иҭагӡаны абри Адҵа апункт 7 аҟны иарбоу аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа ирыцхрааит абри Адҵала ишьақәыргылоу аҭахрақәа рынагӡараҟны.
- Абри Адҵа амч аиуеит иара анаҵаҩха арыцхә инаркны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.